Володимир Зеленски "арыцтә еиқәшаҳаҭра" аҟынтә Урыстәыла алҵра иадҳәаланы жәларбжьаратәи уаажәларра рҟынтә иџьбароу ақәҿыҭра дазыҧшуп
Володимир Зеленски “арыцтә еиқәшаҳаҭра” аҟынтә Урыстәыла алҵра иадҳәаланы жәларбжьаратәи уаажәларра рҟынтә иџьбароу ақәҿыҭра дазыҧшуп
Арыц аекспорт иазку аиқәшаҳаҭрантә Урыстәыла алҵра иадҳәаланы, Владимир Зеленски жәларбжьаратәи уаажәларра рҟынтә иџьбароу ақәҿыҭра дазыҧшуп. Зеленски ишиҳәаз ала, ЕАРи егьырҭ идуу аиҿкаарақәеи Урыстәыла иџьбараны аҭак арҭароуп.
«Урыстәыла амшала континентқәак рҿы амлакра иалагоит, нас, ари атәыла G20 атәылақәа рыгәҭа иҟазар ҟалома? Уи нонсенсуп. Урыстәыла G20 аҿы иаҭыҧым. Дара иахьакәӡам ари аӡбара анрыдыркылаз. Цәыббра инаркны иахьанӡа арыцтә корридораҿ игылоуп 176 аҕбақәа, урҭ рмаршрутқәа рыла изцом, хымчыбжь еиҳаны игылоуп. Урыстәыла, цасҳәа, аблокада мҩаҧнагоит», — иҳәеит украинатәи алидер.