Володимир Зеленски аофициалтә визитла Италиа даҭааит
Володимир Зеленски аофициалтә визитла Италиа даҭааит

Украина ахада Володимир Зеленски аофициалтә визитла Италиа даҭааит.

Украина ахада ихаҭа  „Твитер“ идаҟьаҿ ари аинформациа шьақәирҕәҕәеит.

„Иахьа Рим Италиа ахада Серџьо Матарелеи, аҧыза-министр Џьорџьиа Мелонии, Римтәи Папа Франциски сырҧылоит. Украина аиааиразы ари авизит аҵакы ду амоуп“, – иҩит Зеленски.

Украина аибашьра ианалага инаркны раҧхьаӡа акәны  Украина ахада аофициалтә визитла Италиа даҭааит.