Володимир Зеленски 200 инареиҳаны урыстәылатәии беларустәии еилахәырақәа асанкциақәа рзышьақәиргылеит
Володимир Зеленски 200 инареиҳаны урыстәылатәии беларустәии еилахәырақәа асанкциақәа рзышьақәиргылеит

Украина ахада Володимир Зеленски 200 инареиҳаны урыстәылатәии беларустәии еилахәырақәа асанкциақәа рзышьақәиргылеит. Украинатәи амедиа адыррақәа рыла, асанкциақәа ззышьақәыргылоу аилахәырақәа иреиуп аремонттә зауадқәа рацәаны.

Украина ахада 51ҩык Урыстәыла атәылауаа асанкциақәа рзышьақәиргылеит, урҭ иреиуп аҵарауааи азауадқәа ргенералтә директорцәеи.

Асанкциақәа рсиа иалагалоуп амобилтә телесистемақәа аурыс еилахәыреи, урыстәылатәи аихамҩа аусбарҭақәеи, иара убас, беларустәи аилахәырақәеи.