Владимир Зеленски Вышгород дыҟоуп, уа Урыстәыла ажәылара амшала бжьҩык ҭахеит
Владимир Зеленски Вышгород дыҟоуп, уа Урыстәыла ажәылара амшала бжьҩык ҭахеит

УКраина ахада Владимир Зеленски Киевтәи аобласт иаҵанакуа Вышгород ақалақь аҿы дыҟоуп, уа абҵара 23 рзы, Урыстәыла арбџьармчқәа имҩаԥыргаз ажәылара амшала бжьҩык ҭахеит, 30-ҩы́к ахәрақәа роуит, урҭ иреиуоуп ԥшьҩык ахәыҷқәа.

Украина ахада ақалақ аҿы Урыстәыла аракетатә жәылараан еилаҳаз ԥшьеихагылак змаз аҩны ибеит. Иара убас Зеленски “аҵамхара апункт” ахь днеит, арҭ апунктқәа Украина ақалақьқәа рҿы аадыртуеит. Апунктқәа рҿы ауааԥсны аҽырԥхареи, ателефонқәа реиҵаҵареи аинтернет ахархәареи рылшоит.