Владимир Зеленски Владимир Путин иахь ааԥхьара ҟаиҵоит аилацәажәарақәа ирылагарц
Урыстәыла Украина мацара иақәымлеит, ари Европаҿ, Европа акзаара иаҿагыланы аибашьра алагароуп, – иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски авидеоақәгылараҿ.
Зеленски иажәақәа рыла, аибашьра шымҩаԥысуа Европа зегьы абоит.
“Германтәыла аканцлер Олаф Шольц Украинаҿ Урыстәыла аинтервенциазы иацы иҳәеит, аҵыхәтәантәи 75 шықәса ирылагӡаны абри еиԥх ахҭыс ҟамлаӡацт ҳәа. Ари ҵабыргуп. Аха Урыстәыла Украина мацара иақәымлеит, ари Европаҿ, Европа акзаара иаҿагыланы аибашьра алагеит, Европаҿ ауаҩытәыҩса изинқәа, аконтинент аҿы иҟоу аҵасқәа ирҿагыланы аибашьра алагеит. Украинатәи ақалақьқәа рҿы аракетатә асрақәа иалагеижьҭеи ҩымш ҵуеит, атанкқәа рколлонақәа, авиажәыларақәа, ари зегьы Европа Аҩбатәи адунеитә еибашьраан ирбеит, усҟан европаа ирҳәеит “Аибашьра уаҳа ҟалашьа амам” ҳәа. Иахьа 2022 шықәсоуп, Аҩбатәи адунеитә аибашьра хыркәшеижьҭеи 75 шықәса ҵит. Ибзианы ижәбоит ахҭысқәа зеиԥшроу, ари ҳаргьы иаабоит. Аха акы заҵәык ауп збара ҳалымшо – шәыхьчара ишԥашәылшо, ҳацхыраара аншәылымшо аамҭазы!”-иҳәеит Зеленски.
Владимир Зеленски Владимир Путин иахь ааԥхьара ҟаиҵеи аибашьреи ашьакаҭәара аанкылареи рзы аилацәажәарақәа ирылагарц.