Владимир Зеленски Киев Шарль Мишель диԥылеит
Владимир Зеленски Киев Шарль Мишель диԥылеит

Украина ахадаВладимир Зеленски Киев Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель диԥылеит.

Владимир Зеленски Шарль Мишель “Украина аҩызы ду” иоуп ҳәа ааицҳаит.

Зеленски идыррақәа рыла, Шарль Мишель иҟны аиԥылараҿ ирыхәаԥшит Урыстәыла аганахьала алагалоу асанкциақәа, Евроеидгыла Украина азаанарԥшуа ацхыраара, Украина Евроеидгыла алаларазы акандидат тәыла астатус аиура.

Украина ахада Шарль Мишель Украинеи украинааи рыдгыларазы иҭабуп ҳәа иаиҳәеит.