Владимир Зеленски ишааицҳаз, Қырҭтәылеи Мароккои рҟынтә ацҳаражәҳәаҩцәа рырхынҳәра ақәҵара анапы аҵаиҩит - Урыстәылатәи абизнес азы асанкциақәа, абџьар аныҟам, даҽа усура шәыԥшаа
Украина Қырҭтәылеи Мароккои рҟынтә ацҳаражәҳәаҩцәа рырхынҳәра аӡбара аднакылеит. Ари атәы ааи цҳаит Украина ахада Владимир Зеленски.
Ахада адипломатиатә фронт зегь реиҳа ихадоу афронт ауп ҳәа ааицҳаит. Зеленски иазгәеиҭеит, Қырҭтәылеи Мароккои рҟынтә пцҳаражәҳәаҩцәа рырхынҳәра амзыз урҭ Урыстәыла аганахьала асанкциақәа рыдкылареи Украиназы абџьар аҭареи ирызку аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵара ахьрылымшаз ауп ҳәа.
„Иахьа Қырҭтәылеи Мароккои рҟынтә Украина ацҳаражәҳәаҩцәа рырхынҳәра иазку ақәҵара анапы аҵазҩит. Апату ду иахәамԥшыкәа, Урыстәылатәи абизнес азы асанкциақәа, абџьар аныҟам,сшәыҳәоит, даҽа усура шәыԥшаа“, – ааицҳаит Зеленски.