Владимир Путин Урыстәыла ихарҭәаам амобилизациа рылеиҳәеит
Владимир Путин Урыстәыла ихарҭәаам амобилизациа рылеиҳәеит

Урыстәыла ахада Владимир Путин Урыстәыла ихарҭәаам амобилизациа рылеиҳәеит. Ари атәы Путин аҳәамҭа ҷыдаҿ ааицҳаит.

Иашьашәалоу аусԥҟа Урыстәыла ахада инапы аҵаиҩхьеит.

Владимир Путин аҳәамҭа ҷыдаҿ ишазгәеиҭаз ала,  Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аԥшьгара инақәыршәаны, Урыстәыла аҵакырадгьыл аҿы ихарҭәаама амобилизациа цәыббра 21 инаркны иалагоит.

Путин иажәақәа рыла, Урыстәылатәи Афедерациаҿ ихарҭәаам амобилизациа аҳәаақәа ирҭагӡаны арратә маҵзурахь иаарыԥхьоит арезерви арратә ԥышәа змоу атәылауааи.