Виктор Орбан иажәақәа рыла, 2008 шықәсазы Украинеи Қырҭтәылеи Натои Евроеидгылеи ралалара алшара рыман, аха ари ашанс рхы иадырхәарц ирылымшеит
Виктор Орбан иажәақәа рыла, 2008 шықәсазы Украинеи Қырҭтәылеи Натои Евроеидгылеи ралалара алшара рыман, аха ари ашанс рхы иадырхәарц ирылымшеит

Венгриа аԥыза-министр Виктор Орбан иажәақәа рыла, 2008 шықәсазы Украинеи Қырҭтәылеи Натои Евроеидгылеи ралалара алшара рыман, аха ари ашанс рхы иадырхәарц ирылымшеит. Орбан ишазгәеиҭаз ала, уи ашьҭахь Урыстәыла ӷәӷәахан, ари апроцесс иаҿагылоит.

“Ҳара Украинеи Қырҭтәылеи рыдкылара иазкыз аиҿцәажәара ахыркәшара ҳалымшеит, Украина Евроеидгылеи Натои рылахәыла аҳасабла иаҳцәыӡит “, – иҳәеит Орбан.

Орбан иажәақәа рыла, Украина Урыстәылеи мраҭашәареи рыбжьара “абуфертә зонас” аанхароуп.

Венгриа аԥыза-министр игәаанагарала, Урыстәылеи Украинеи реибашьра 2024шықәсазы ихыркәшом, убри аҟынтә ахымца аанкылареи  аиҿцәажәарақәа рылагареи рзы ашьаҭа еиҿкаатәуп.