Венециатәи акомиссиа атәым агентцәа ррегистрациеи агрантқәеи ирызку Қырҭтәыла азакәанқәа ирыдҳәаланы алкаа цәырнагеит
Венециатәи акомиссиа атәым агентцәа ррегистрациеи, агрантқәеи, «Аҳәаанырцәтәи анырреи» ирызку Қырҭтәыла азакәанқәа ирыдҳәаланы алкаа цәырнагеит.
Акомиссиа алахәылацәа ргәаанагарала, азакәанҧҵаратә база ҿыц азин ахадареи, атәылауаҩратә қәыҧшылареи, адемократиатә хақәиҭрақәеи рзы ишәарҭоуп. Убри аҟынтә, Акомиссиа абжьагара ҟанаҵоит зыӡбахәы ҳәоу азакәанҧҵаратә актқәа раҧыхреи уажәтәи абаза аиҕьтәреи азы. Иара убас, акомиссиа ааҧхьара ҟанаҵоит наҟ-наҟ ари ахырхарҭала азакәанҧҵаратә база иаҳа алегитимра амазарц азыҳәан, ари абаза асистематәи аинклиузивтәи азнеишьа ашьаҭала иахәаҧшырц.
Венециатәи акомиссиа аҳәамҭа ишану ала, зыӡбахәы ҳәоу агхақәа рыриашаразы атәыла анапхгара аус рыцура иазыхиоуп.