Венециатәи акомиссиа Административтә азинеилагарақәа рзакәанеидкылеи «Аизарақәеи адемонстрациақәеи ирызку» азакәани рахь иалагалоу ариашарақәа ирызку ахәшьареи абжьагарақәеи цәырнагеит
Венециатәи акомиссиа Административтә азинеилагарақәа рзакәанеидкылеи «Аизарақәеи адемонстрациақәеи ирызку» азакәани рахь иалагалоу ариашарақәа ирызку ахәшьареи абжьагарақәеи цәырнагеит. Акомиссиа аихшьаала ишану ала, Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа ахантәаҩы иҳәарала, Венециатәи акомиссиа, 2024 шықәса ҧхынҷкәын 13-еи 2025 шықәса жәабран 6-еи рзы Қырҭтәыла ирыдыркылаз, Административтә азинеилагарақәа рзакәанеидкылеи «Аизарақәеи адемонстрациақәеи ирызку» азакәани рахь иалагалоу ариашарақәа зыҧшра ҟамҵакәа ахәшьара рнаҭеит.
Венециатәи акомиссиа ишазгәанаҭаз ала, «ариашарақәа рҿы иарбоу аҧкратә усмҩаҧгатәқәа рхымҧадара ишахәҭоу еиҧш иҵаҵгәыркым».
«Абаандаҩтәразы ишьақәыргылоу иџьбароу аҿҳәарақәеи, административтә зинеилагарақәа рзы ахараҧсақәа реизырҳареи аизарақәа рхақәиҭреи агәаанагара аарҧшра азини рымҩаҧгара иаҧырхагахар ауеит», — иануп аихшьаалаҿы.
Акомисиа алахәылацәа ргәаанагарала, «атәыла аиҳабыра арҭ аҧсахрақәа ирыхәаҧшны, иазҿлымҳау аганқәа зегьы рконструктивтә алахәызаара еиқәыршәаны, азакәанҧҵаратә процесс мҩаҧыргароуп».