Ведант Патель - Ҳара ақырҭуа жәлар евроатдантикатәи рышьҭазаара ҳадгылоит
Ведант Патель - Ҳара ақырҭуа жәлар евроатдантикатәи рышьҭазаара ҳадгылоит

Ҳара ақырҭуа жәлар евроатдантикатәи рышьҭазаара ҳадгылоит, – иҳәеит Аҳәынҭқарратә департамент апресспикер ихаҭыԥуаҩ Ведант Патель.

Патель иажәақәа рыла, ЕАШ иацҵоу ауснагӡатәқәа, асанкциақәа уахь иналаҵаны, аус адулара иаҿуп.

“Уажәтәи администрациа амҽхак ду амоуп. Ԥшьымчыбжь-хәымчыбжь  – аамҭа рацәоуп, ари аамҭазы ирацәаны ак ҟаҳҵар ҳалшоит. Ҳара ақырҭуа жәлар евроатдантикатәи рышьҭазаара ҳадгылоит. ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен иҟаиҵаз аҳәамҭала, ЕАШ иацҵоу ауснагӡатәқәа, асанкциақәа уахь иналаҵаны, аус адулара ҳаҿуп, ҳгәаанагарала Қырҭтәыла адемократиа ԥырхага азҭо ахаӡҿқәа зегьы ақәнагаа рықәҳаршәоит”, – иҳәеит Патель.