Вахтанг Гомелаури – Ацҳаражәҳәаҩцәа роума,  даҽаӡә иоума,  дарбанзаалак аӡәы дықәгыланы,  аполицаицәеи,  ажурналистцәеи,  атәылауааи рзы амчылара афактқәа рықәҿыҭразы ҳара ҳахь ааҧхьара ҟаиҵо зымбацт
Вахтанг Гомелаури – Ацҳаражәҳәаҩцәа роума,  даҽаӡә иоума,  дарбанзаалак аӡәы дықәгыланы,  аполицаицәеи,  ажурналистцәеи,  атәылауааи рзы амчылара афактқәа рықәҿыҭразы ҳара ҳахь ааҧхьара ҟаиҵо зымбацт

«Ацҳаражәҳәаҩцәа роума,  даҽаӡә иоума,  дарбанзаалак аӡәы дықәгыланы,  аполицаицәеи,  ажурналистцәеи,  атәылауааи рзы амчылара афактқәа рықәҿыҭразы ҳара ҳахь ааҧхьара ҟаиҵо зымбацт», — иҳәеит аҩныҵҟатәиа усқәа рминистр Вахтанг Гомелаури апарламентаҿ данықәгылоз.

Иара иажәақәа рыла акциақәа раан аполициа аусзуҩцәагьы аахақәа роуит. Руаӡәы ибла ҭырхит, егьи ихы ҧырҽит,   ибҩақәа ҧырҵәеит, аха, арҭ афактқәа изакәызаалак ақәҿыҭрак рмоуит. Гомелаури иҳәамҭала, ишаҧу еиҧш, ацҳаражәҳәаҩцәа роуп зегьы раҧхьа абри аҩыза ааҧхьарақәа ҟазҵо.

«Амчылара – цәгьоуп. Ҳара еснагь ауааҧсыра зегьы ҳреиҷаҳароуп, атәылауаагьы аполицаицәагьы. Ҳазынтәгьы ҳуаап, аҭаацәара ҳамоуп, ахылҵ ҳамоуп. Атәылауаҩ, ажурналист, ма аполициа аусзуҩ изы амчылара ҟалом.  Аӡәы аахақәа иоур уи цәгьоуп, абри ауп исҳәо.  акциақәа раан аполициа аусзуҩцәагьы аахақәа роуит. Руаӡәы ибла ҭырхит, егьи ихы ҧырҽит,   ибҩақәа ҧырҵәеит, аха, арҭ афактқәа изакәызаалак ақәҿыҭрак рмоуит. Ишаҧу еиҧш, ацҳаражәҳәаҩцәа роуп зегьы раҧхьа абри аҩыза ааҧхьарақәа ҟазҵо. Аӡәык-ҩыџьак ар рҳәазаргьы, реиҳарак ҿырымҭит. Уи даараӡа ицәгьоуп», — иҳәеит  Вахтанг Гомелаури.