Вахтанг Гомелаури - Ари аиқәшаҳаҭрала иазыԥхьагәаҭоуп аусуратә мчи аквалификациа змоу аусуҩцәеи еиҿкаау рмиграциа, авизақәа имарианы раиура
Вахтанг Гомелаури - Ари аиқәшаҳаҭрала иазыԥхьагәаҭоуп аусуратә мчи аквалификациа змоу аусуҩцәеи еиҿкаау рмиграциа, авизақәа имарианы раиура

Қырҭтәылеи Германтәыла Афедеративтә Республикеи амиграциеи амобилреи ирызку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Аиқәшаҳаҭра рнапқәа аҵарҩит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаурии Германтәыла Афедеративтә Республика Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Ненси Фезери.

Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ашьҭахь Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури германтәылатәи иаколлега Қырҭтәыла дахьаҭааз иҭабуп ҳәа лаиҳәеит.

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ишазгәеиҭаз ала, апроект ала иазыԥхьагәаҭоуп аусуратә мчи аквалификациа змоу аусуҩцәеи еиҿкаау рмиграциа, авизақәа имарианы раиура.

Иара убас, Вахтанг Гомелаури ишааицҳаз, Қырҭтәыла атәылауаа Германтәыла иқәҵыроуп ҳәа аларҵәара зауз аинформациа имцуп.