Вахтанг Гомелаури Азербаиџьан ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ диԥылеит

15:14, 12.03.2024

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури Азербаиџьан ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ  Рамиль Усубов диԥылеит.

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациала, аиԥылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Гьаргь Буҭхузмм Амилаҭтә шәарҭадаратә хеилак аппарат аиҳабы Гиви Лилуашвили.

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны аганқәа ҩтәылак иашьашәалоу аструктурақәа ашәарҭадара ахырхарҭала аусеицура аҵак иахцәажәеи. Иара убас аганқәа ирыхәаԥшит арегион иҟоу ахҭысқәеи ашәарҭадаратә ҭагылазаашьеи.

 

Еиԥшу