Вахтанг Гомелаури - Аҳәаа еиҳаӡоу аҩаӡараҿ ҳахылаԥшуеит
Вахтанг Гомелаури - Аҳәаа еиҳаӡоу аҩаӡараҿ ҳахылаԥшуеит

Украина аибашьра иалагеижьҭеи, жәабран 24 инаркны иахьанӡа, 13 мш ирылагӡаны Қырҭтәыла иаҭааит 20 000-ҩык Урыстәыла атәылауаа, 2019 шықәсазы иашьашәалоу апериод аан иаҭаахьан 40 000-ҩык, иҳәеит Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури.

Гомелаури иажәақәа рыла, арҭ 20000-ҩык иреиуоуп Қырҭтәыла атранзит азы рхы иадырхәаз Урыстәыла атәылауаа.

Урыстәылаҟны аамҭала авизатә режим ашьақәырӷәӷәаразы иазкны ажурналист изҵааразы, Гомелаури ишазгәеиҭаз ала, ари аӡбара адкылара иара ипрерогативаӡам.

„Ари азҵааразы аҭак аҭара сылшом. Ари сара спрерогативаӡам. Џьоукы инармышьҭит ҳәа адыррақәа аларҵәара роуит, иаҳҳәап “Дождь” ажурналист. 100-ҩык рҟынӡа Қырҭтәыла аҳәаа ахысра зин раҳамҭеит. Ишьақәгылоу аҵас инақәыршәаны, аҳәаахьчаҩцәа дара рхала ирыдыркылоит аӡбара. Ари аӡбара аминистр иакәӡам здызкыло. Аҳәаа ахысра зин рыҭамызт Урыстәылеи, Украинеи, Беларуси, Германтәылеи уб. егь. атәылақәа ртәылауаа,” – иҳәеит Гомелаури.