Вахтанг Гомелаури - Аарҳәра рхатә офисқәа рҿы ирылшоит, апарламенти аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәеи рҿы ари аҭыԥ амазаауам
Вахтанг Гомелаури - Аарҳәра рхатә офисқәа рҿы ирылшоит, апарламенти аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәеи рҿы ари аҭыԥ амазаауам

Аларҵәара зауз аинформациа аиҳара ишиашоу аефир аҿы иубарҭан, иҟарҵоз, ирҳәоз, аарҳәра, аилаҩынтра, ари зегьы ирҭахызар рхатә офисқәа рҿы иҟарҵааит, апарламенти аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәеи рҿы ари аҭыԥ амазаауам, –иҳәеит Қырҭтәылa Аҩныҵҟaтәи aусқәa рминистр Вахтанг Гомелаури.

Аминистр иажәақәа рыла, акциақәа рҿы аполициаа азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны амоу азин рхы иадырхәоит.

„Аҿар апарламент ашәқәа, акамерақәа ԥырҽеит, амца црарҵеит. Аидыслара аԥырҟәҟәааразы, ахәыҷқәа акгьы рмыхьырц азы усҟан аполициаа акгьы ҟарымҵеит. Ашьыжь азы ацҳаражәҳәаҩцәеи урҭ ртәылақәа рхаҭарнакцәеи иҟарҵаз аҳәамҭала, аполициаа ипропорциам амч х иадырхуеит ҳәа, ари имцуп. Аиқәаҵәа ишкәакәоуп ҳәа ҳәарҳәоит“, – иҳәеит Гомелаури.