Васил Маҕлаҧериӡе  - Ҳәарада, агәрагара ҟало иҟамло аҭҵаара иаҿуп, шубарҭоу ала, саргьы егьырҭгьы ҳагәрагара ҟалом ҳәа ирыҧхьаӡеит
Васил Маҕлаҧериӡе  - Ҳәарада, агәрагара ҟало иҟамло аҭҵаара иаҿуп, шубарҭоу ала, саргьы егьырҭгьы ҳагәрагара ҟалом ҳәа ирыҧхьаӡеит

«Аҳәынҭқарратә департамент аинформациа сырҭеит иҳәынҭқарратәым аиҿкаарак алахәылацәа, ари аиҿкаара иалоуп  16 иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа», — иҳәеит Ауаажәларратә дырраҭара Ахылаҧшратә хеилак ахантәаҩы Васил Маҕлаҧериӡе Қырҭтәыла Актәи аканал адырраҭара «Ҭависуҧали хедва» аефираҿы.

«Аҳасабырбаҿы агәымҵра аарҧшуп. Сгәы ишаанаго ала,  снапынҵақәа шьҭасҵарц сақәырҧшны исарҳәеит, ақәыҕәҕәара, ааҧхьара уҳәа ишышәҭаху ахьӡашәҵа, снапынҵақәа шьҭасҵарц исыбжьаргоит, ҽакала ари азҵаара сзахәаҧшуам.  Абри анҵамҭа иаанаго аӡәы исеиҳәар даараӡа сеигәырҕьон, избанзар, уи Ауаажәларратә дырраҭареи амассатә информациа ахархәагақәеи ирыдкьыслоит», — иҳәеит  Маҕлаҧериӡе.

Иара убас, Маҕлаҧериӡе ишазгәеиҭаз ала, абри зегьы ирласӡаны ацензура аҟынӡа инеир ауеит.

«Ишубарҭоу ала, ҳара азакәан ала ишьақәыргылоу аҧҟарақәа рыла анхара акәымкәа, азакәан ҳгәаҧхом ҳәа ҳҳәароуп, аха, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа ари азакәан ахьыргәаҧхо аҟынтә, ҳара акадртә зҵаарақәеи, аҧыжәарақәеи, апрограммақәеи уҳәа, дара ишырҭаху ала абарҭ азҵаарақәа ҳаӡбароуп. Сара атенденциақәа срыцклаҧшуеит, абри зегьы ацензура аҟынӡа инеир ауеит“, — иҳәеит Васил Маҕлаҧериӡе.

Иара убас, Ахылаҧшратә хеилак ахантәаҩы ишиҳәаз ала, уаанӡа абарҭ агәыҧқәа дарбанызаалак ауаҩы игәрагара ҟало иҟамло аҭҵаара иаҳәон.

«Ҳәарада, агәрагара ҟало иҟамло аҭҵаара иаҿуп, шубарҭоу ала, саргьы егьырҭгьы ҳагәрагара ҟалом ҳәа ирыҧхьаӡеит. Азакәан ихьчазаауеит, шәнапала арзаҳал шәҩыр, зинқәак шәзаанрыжьуеит, аха, иаахҵәаны иуҳәозар, дара хықәкык ауп ирымоу  — арымаа рнапахьы иааргар рҭахуп», — иҳәеит  Васил Маҕлаҧериӡе.