Ауаажәларратә дырраҭара Ахылаҧшратә хеилак ахантәаҩи алахәылацәеи Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ иҧылеит
Ауаажәларратә дырраҭара Ахылаҧшратә хеилак ахантәаҩи алахәылацәеи Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ иҧылеит

Ауаажәларратә дырраҭара Ахылаҧшратә хеилак ахантәаҩы Ирина Путкараӡеи ахеилак  алахәылацәа Изабелла Осиповеи, Заза Абашиӡеи,  Бесик Лилуашвилии  Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель иҧылеит.

Аиҧылара алахәылацәа Ауаажәларратә хеилак иадҳәалоу азҵаарақәеи,  уажәазы иҟоу аҳасабтәқәеи,  наҟ-наҟтәи апланқәеи ирылацәажәеит.

Карл Харцель Ауаажәларратә дырраҭара ианашьоу ароль дуи Ахылаҧшратә хеилак аинститут арҕәҕәара ахымҧадареи далацәажәеит. Аганқәа абри ахырхарҭала аусеицура ргәы иҭоуп,  уи ала иазҧхьагәаҭоуп Евроеидгыла аҽалархәра ала жәларбжьаратәи аҧышәа аиҭныҧсахлара.

Ацҳаражәҳәаҩ, Ауаажәларратә дырраҭара дшадгыло иазгәаҭаны,  ҳаҧхьаҟа аусеицура дшазыхиоу иҳәеит.