Васил Маҕлаҧериӡе  - Ауаажәларратә дырраҭара ажурналистцәеи аӡбарақәа здызкыло ахаҿқәеи адиктат аҟынтә рхы иақәиҭуп
Васил Маҕлаҧериӡе  - Ауаажәларратә дырраҭара ажурналистцәеи аӡбарақәа здызкыло ахаҿқәеи адиктат аҟынтә рхы иақәиҭуп

Ауаажәларратә дырраҭара ажурналистцәеи аӡбарақәа здызкыло ахаҿқәеи адиктат аҟынтә рхы иақәиҭуп, уи зегьы ирдыруеит, – иҳәеит Қырҭтәыла Актәи аканал Ахылаҧшратә хеилак ахантәаҩы Васил Маҕлаҧериӡе Актәи аканал адырраҭара  „Зхы иақәиҭу ахәаҧшыра“ аҿы.

„Аӡәы ажурналист ипозициа дақәшаҳаҭым ҳәа игәы иаанагозар ҟалап, аха, абри аҩыза аҭагылазаашьа иарбанзаалак агәыҧ  аҟынтә адиктат аасҭа  еиҕьуп.  Абри аҩыза аҽазкрақәа уажәгьы иҟоуп.  Зны-зынла абулинг афактқәагьы ҟалалоит. Ари аганахьала проблемақәак иҟоуп, аха, сара  агәыҕра сцәыӡуам, сгәы касыжьуам“, – иҳәеит Маҕлаҧериӡе.

Ажурналист Васил Маҕлаҧериӡе диазҵааит уажәтәи аполиаризациатә лагылазаараҿы иара агәыҕра изҭои ҳәа.  Маҕлаҧериӡе ишиҳәаз ала,  Актәи аканал Қырҭтәылаҿ зегьы реиҳа зхы иақәиҭу ателееилахәыроуп, ажурналистцәа аӡәгьы акгьы рыдицалом, дара имцырку аинформациа аларҵәара рҭахым, абри ауп иара агәыҕра изҭо.

„Уи иаанагом ажурналистцәа ирҳәо ауаа зегьы иргәаҧхоит ҳәа.  Саргьы исгәамҧхо иҟазар ҟалап, аха, амеханизм ииашаны аус ауеит, сара исгәаҧхо акәӡам дара напхгагас ирымоу. Адиктат аныҟаз аамҭақәагьы сгәалашәоит, уажәы ус акәӡам ишыҟоу.  Ажурналистцәагьы хәыҷы-ҷала ари аҭагылазаашьа иашьцыло иалагеит. Ауаажәларратә дырраҭара абжьаратә позициа аанкылара иазҿлымҳауп, ахәаҧшцәа ржьар рҭахым, ак рцәырҵәахыр рҭахым,“ – иҳәеит Маҕлаҧериӡе.

Ахылаҧшратә хеилак ахантәаҩы ишазгәеиҭаз ала, гәыҧқәак уи ишазҿлымҳаугьы, Ауаажәларратә дырраҭара  ақәҧареи ареволиуциеи азы хархәагас изыҟалом.