Варшаватәи ауниверситет Чарторискаа рхан аҟны иԥшьоу Гьыргәал Ԥераӡе ихьӡ зху жәларбжьаратәи апремиа сынтәатәи алауреатцәа аарԥшуп
Варшаватәи ауниверситет Чарторискаа рхан аҟны иԥшьоу Гьыргәал Ԥераӡе ихьӡ зху жәларбжьаратәи апремиа сынтәатәи алауреатцәа аарԥшуп

Варшаватәи ауниверситет Чарторискаа рхан аҟны иԥшьоу Гьыргәал Ԥераӡе ихьӡ зху жәларбжьаратәи апремиа анашьаратә хеилак иашьҭанеиуа аилатәара маԥнаган, иԥшьоу Гьыргәал Ԥераӡе ихьӡ зху жәларбжьаратәи апремиа сынтәатәи алауреатцәа аанарԥшит.

Алауреатцәа иреиуоуп: Иенатәи ауниверситет апрофессор Ҳаинц Фенрих, Картвелтәи кавказтәи абыхшәақәа рыҭҵаара аус аҿы алагала ду азы; Бонтәи ауниверситет апрофессор Ҳаинцгерд Бракман,  мрагыларатәи алитургиатә текстқәа рыҭҵаара аус аҿы алагала ҷыда азы; Гортә аҳәынҭқарратә университет апрофессор Гиорги Сосиашвили, Лиахвтәи аҩхаа акультуратә ҭынхара аҭҵаара аус аҿы алагала ҷыда азы.

Аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа Париж, Монакотәи ахан аҟны 2022 шықәса абҵара 19 рзы мҩаԥгахоит.