«Сара иааҧҵәаны абарҭ ахарадҵарақәа срықәшаҳаҭым. Фышықәса ҵуеит сара аӡбаратә система аума, даҽа ҳәынҭқарратә маҵзурак аума, акгьы салахәымижьҭеи. Убри аҟынтә, аҿҳәарада иқәыргылоу аӡбаҩ иаҳасабала сылацәажәара ииашам, уи афактқәа рҧаршеироуп иаанаго», — иҩит Валериан Церцваӡе асоциалтә аҳаҿы Америка ақырҭуа аӡбаҩцәа ирзышьақәнаргылаз асанкциақәа ирыдҳәаланы.
Церцваӡе ишиҩыз ала, асанкциақәа рышьақәыргылара иазку аӡбара рыдыркылеит ииашам, ишьақәырҕәҕәам аинформациа ашьаҭала.
«Ахарадҵара шьақәзырҕәҕәо изакәызаалак аршаҳаҭгак иҟам. Сгәы ишаанаго ала, шьаҭа зҵам абарҭ аҳәамҭақәа аполитикатә аҵакы рымоуп.
Абри зегьы аӡбарҭаҿы анырра аиуреи адискридитациеи иазкуп ҳәа сгәы иаанагоит», — иҩит Валериан Церцваӡе.
Америка анапхгара Михаил Чинчалаӡеи, Леван Мурусиӡеи, Иракли Шенгелиеи, Валериан Церцваӡеи асанкциақәа рзышьақәдыргылеит.