Аԥсабаразы амилаҭтә агентра аинформациала, Қырҭтәыла аҵакыраҿ цәыббра 9-14 рзы ақәа леиуеит, адыди амацәыси, акырцхи ҟалоит.
«Ақәоура амшала Қырҭтәыла аӡиас хәыҷқәа хыҵыр ауеит, ашьхатә ҭыҧқәа рҿы адгьылҳәазаратә процессқәа иалагар ҟалап (ашәарҭа аҩаӡара – абжьаратә)», — иануп аинформациаҿы.