Цәыббра  3-5 рзы Қәҭешьтәи аҳаирбаҕәазаҿ имҩаҧысраны иҟаз ареисқәа мҩаҧгахоит Қарҭтәии Баҭымтәии жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазақәа рҿы
Цәыббра  3-5 рзы Қәҭешьтәи аҳаирбаҕәазаҿ имҩаҧысраны иҟаз ареисқәа мҩаҧгахоит Қарҭтәии Баҭымтәии жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазақәа рҿы

Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза адырра инақәыршәаны, аинфраструктура аиҭашьақәыргылара иазку аплантә усурақәа ирыдҳәаланы,  цәыббра  3-5 рзы Қәҭешьтәи аҳаирбаҕәазаҿ имҩаҧысраны иҟаз ареисқәа мҩаҧгахоит Қарҭтәии Баҭымтәии жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазақәа рҿы.

«Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаҧгахоит цәыббра 3 асааҭ  07:00 инаркны цәыббра 5 асааҭ  01:00-нӡа. Апассаџьырцәа рҿаҧхьа аҭамзаара шьҭаҳҵоит. Ари аамҭа иалагӡаны имҩаҧысраны иҟаз ареисқәа раамҭа аҽаҧсахуам, аха урҭ мҩаҧгахоит егьырҭ аҳаирбаҕәазақәа рҟынтәи. Апассаџьырцәа зегьы аелекторонтә ҧошьҭала адырра роухьеит.  Қәҭешьтәи аҳаирбаҕәаза атранспорттә еилахәыра «Омнибус Експресс»  апассаџьырцәа рымҩангара еиқәнаршәоит», — иануп Қәҭешьтәи аҳаирбаҕәаза адырраҿы.