Ажьырныҳәазы Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ ареисқәа 56%-ла, апассаџьырцәа реишьҭаҵа 53%-ла иазҳаит
Ажьырныҳәазы Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ ареисқәа 56%-ла, апассаџьырцәа реишьҭаҵа 53%-ла иазҳаит

2023 шықәса ажьырныҳәазы Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ апассаџьырцәа реишьҭаҵа – 53%-ла иазҳаит. Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрра иаҵанакәа Аҳаирбаӷәазақәа реидгыла адыррақәа рыла, аднакылеит  85,508-ҩык апассаџьырцәа.   20191 шықәсазы ари арбага  55,895-ҩык иаҟаран.

Ажьырныҳәазы Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ ареисқәа 56%-ла иазҳаит, инагӡан 294 ареис  (2019 шықәса ажьырынҳәа – 188 ареис).

Аҳаирбаӷәазақәа реидгыла адыррақәа рыла Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазантә 28 авиаеилахәырақәа 17 хырхарҭақәа рыла ареисқәа нарыгӡоит.