TBC Bank – Ҳара жәларбжьаратәи асанкциақәа ҳрықәныҟәоит,  асанкциақәа ирышьашәаланы аус аауеит
TBC Bank – Ҳара жәларбжьаратәи асанкциақәа ҳрықәныҟәоит,  асанкциақәа ирышьашәаланы аус аауеит

TBC Bank аҳәамҭа инақәыршәаны,  абанк жәларбжьаратәи асанкциақәа ирықәныҟәоит,  асанкциақәа ирышьашәаланы аус ауеит.

«Ҳара Европеи, Америкеи, Евроеидгылеи ишьақәдыргылаз  жәларбжьаратәи асанкциақәа ҳрықәныҟәоит,  асанкциақәа ирышьашәаланы аус аауеит», — ирҳәеит  TBC Bank аҿы.

Уажәааны Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла ҧасатәи апрокурор хада Оҭар Ҧарцхалаӡе изышьақәыргылоу асанкциақәа ирыдҳәаланы. Абанк аҿы ишырҳәаз ала,   Қырҭтәыла Аконституциа иашьашәаланы, абанк иҧхьанаӡоит Қырҭтәыла атәылауаҩ  иҿагыланы ақырҭуа аӡбарҭаҿы ахарадҵаратә азыӡба иҟамзар,  иара изы жәларбжьаратәи асанкциақәа рышьақәыргылара ҟалом ҳәа.