"Тав Џьорџьиа" хәмиллион лари иаԥсаз аусурақәа нанагӡеит Қарҭтәи аҳаирбаӷәаза атерминалқәеи уи иаԥну аҵакырадгьыл аинфраструктура аҿиара аганахьала
“Тав Џьорџьиа” хәмиллион лари иаԥсаз аусурақәа нанагӡеит Қарҭтәи аҳаирбаӷәаза атерминалқәеи уи иаԥну аҵакырадгьыл аинфраструктура аҿиара аганахьала.
Аинфраструктуратә усурақәа мҩаԥган ашьҭԥрааратә терминал атәылауаҩшәҟәқәа ргәаҭара аҭыԥқәа рҿы. Аҳаирбаӷәазаҿ иргылан Fast Track-қәа.
36% рыла иҭбаахеит аҭааратә терминал атәылауаҩшәҟәқәа ргәаҭара аҭыԥ.
Апассаџьыртә терминал аԥхьа дырҿыцит 7700 м2 иаҟароу ақәыԥшылара, еиҿкаан апаркинг азы аҭыԥқәа. Ари аетап аҿы аҳаирбаӷәаза апарткинг 1100 машьына рзы иазыԥхьагәаҭоуп.
“TAV Georgia” – “TAV Airports Holding” аилахәыраҿыгоуп. Ари аилахәыра Қырҭтәыла иаланаҵаз 227 000 000 миллион адоллар аинвестициа абзоурала, Қарҭтәи Баҭымтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазақәа рҿы атерминал ҿыцқәа дыргылеит.