«TAV Georgia» - Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза аҧырратә терминал идырҭбаауеит
«TAV Georgia» - Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза аҧырратә терминал идырҭбаауеит

Апассаџьырцәа иацҵаны акомфорт рзеиқәыршәареи, аҳаирбаҕәаза аусура арҭбаареи, агәаранқәа рырмаҷреи  амзызла, Қарҭи Баҭыми жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазақәа рнапхгараҭаратә еилахәыра  «TAV Georgia» зымҽхак дуу даҽа проектк иалагоит. Ари аинформациа аланарҵәеит  «TAV Georgia».

«Апаспорттә гәаҭареи авиациатә шәарҭадара агәаҭареи азона арҭбаара амзызла, жьҭаара 23 инаркны, Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза аҧырратә терминалаҿ арҿыцратә усурақәа иалагоит.

Аусурақәа раан апассаџьырцәеи аҳаирбаҕәаза аусзуҩцәеи ршәарҭадара еиқәыршәазаауеит.

«TAV Georgia» ари апроект иаланаҵоит  2 миллион  200 нызқь лари. Апроект хыркәшахоит  2024 шықәса жәабран азы», — иануп  «TAV Georgia» аинформациаҿы.