TAV Georgia – Қарҭтәи Баҭымтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазақәа Испаниа имҩаҧысуа жәларбжьаратәи аплатформа  Routes Europe 2025 иалахәып
TAV Georgia – Қарҭтәи Баҭымтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазақәа Испаниа имҩаҧысуа жәларбжьаратәи аплатформа  Routes Europe 2025 иалахәып

«Қарҭтәи Баҭымтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазақәа Испаниа имҩаҧысуа жәларбжьаратәи аплатформа  Routes Europe 2025 иалахәып», — иаанацҳаит аилахәыра  TAV Georgia.

Аилахәыра адыррақәа рыла,  TAV Georgia-еи аҳолдинг  TAV Airports Holding-и авиаеилахәырақәеи аҳаирбаҕәазақәа роператорцәеи ирыднагалоит Қырҭтәыла жәларбжьратәи аҳаирбаҕәазақәа рмаҵзуреи рпотенциали.

TAV Georgia аиҧылара рацәа мҩаҧнагеит идуӡӡоу авиаеилахәырақәа рҟны, урҭ иреиуп  Vueling, Austrian Airlines, Air India, Edelweiss, Cyprus Airways, Finnair, Scandinavian Airlines (SAS), EasyJet, Air Serbia, Air Cairo, уҳәа, убас егьырҭгьы. Арҭ авиаеилахәырақәа рыхәҭак Қарҭтәи Баҭымтәи аҳаирбаҕәазақәа рҟынтә ареисқәа мҩаҧнагоит, егьи рыхәҭа  TAV Georgia асервисқәеи ақырҭуа жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазақәа рҿы аусура аҧыжәарақәеи ирызкны аинформациа наӡа рыҭан.

Routes Europe — арегионаҿ авиациатә усхкы аҿы идуӡӡоу аусмҩаҧатәуп. Ари аплатформа қәыҧшыларак аҿы еиднакылоит Европа аҳаиртә аимадара аҿиара иалахәы, еиуеиҧшым атәылақәа рҟынтә авиациа аусхкы аҿы аус зуа авиаеилахәырақәеи, аҳаирбаҕәазақәеи, атуристтә усхкы ахаҭарнакцәеи, аиҿкаарақәеи», — иануп аилахәыра  TAV Georgia аинформациаҿы.