Таиван ихадароу апрезиденттәи апарламенттәи алхрақәа рзы аҽазыҟаҵара иаҿуп
Таиван ихадароу апрезиденттәи апарламенттәи алхрақәа рзы аҽазыҟаҵара иаҿуп

Таиван ихадароу апрезиденттәи апарламенттәи алхрақәа рзы аҽазыҟаҵара иаҿуп. Абжьыҭира ажьырныҳәа 13 рзы мҩаԥысуеит.

Алхратә марафон аҿы аԥхьагылара имоуп “Адемократиатә прогрессивтә партиа” акандидат Уиллиам Лаи, аха уи аиааира иго имго макьана идырым. Лаи алхраԥҳьатәи кампаниа амҩаԥгараан алхыҩцәа рахь ааԥҳьара ҟаиҵеит Таиван асуверенитет ахьчаразы иара идныларц. Иара убас, Лиам иҟаиҵо аҳәамҭала, Китаи аҟны аибарххара иҭахым.

Лаи иконкурент хада иоуп Ҳоу Иуи, уи Тибет ԥасатәи ахада иоуп. Иуи иажәақәа рыла, Уиллиам Лаи Таивани Китаи реизыҟазаашьақәа ашәарҭа иҭаиргылоит.

Апрезиденттә алхрақәа дрылахәуп Таиван жәлар рпартиа акандидат Ке Венчжегьы. Ԥасатәи аҳақьым аполитикаҿ 10 шықәса раԥхьа дцәырҵит.

Асоциологцәа рыҭҵаарақәа рыла, Таиван атәылауаа реиҳараҩык адгьыбжьаха астатус-кво ахьчара иадгылоит.

Ажьырныҳәа 13 рзы имҩаԥысуа алхрақәа рҿы Китаи афактор ахадаратә ҵакы амоуп. Пекин Таиван ахатә территориас аԥхьаӡоит. Китаи иҟарҵо аҳәамҭақәа рыла, таиван аформалтә ахьыԥшымра азҵаара ықәнаргылар, Пекин аҟынтә иашьашәалоу ақәҿыҭра амазаауеит.