Таиван иҟалаз адгьылҵысраан ахәрақәа роуит 1000-ҩык иреиҳаны
Таиван иҟалаз адгьылҵысраан ахәрақәа роуит 1000-ҩык иреиҳаны

Таиван иҟалаз 7.4 амагнитуда амч змаз адгьылҵысраан ахәрақәа роуит 1000-ҩык иреиҳаны.

Аҵыхәтәантәи дыррақәа рыла, иҭахеит 9-ҩык.

Таиван амцарцәаратә департамент аҟынтә ишаарыцҳаз ала, ахәрақәа роуит 1038-ҩык, иӡыз рхыԥхьаӡара 52-ҩык иаҟароуп.

Тароко амилаҭтә парк аҿы сасааирҭак аусзуҩцәа рацәаны ԥшаан, аха иҵегьы 38-ҩык аусҩцәа рхабар рыздырӡом.