Страсбургтәи аӡбарҭа Урыстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара иҟалаз аиҿагылара ашьҭахь аҳәаақәа рырџьабара иахылҵыз ауаҩытәыҩса изинқәа реилагара аус азы аднаклаз Қырҭтәыла адгыларатә аӡбамҭа инақәыршәаны, Урыстәыла Қырҭтәылазы 253 миллион евро ашәара ахәҭоуп
2025 шықәса жьҭаара 14 рзы Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы европатәи аӡбарҭа 2008 ашықәсазы Урыстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара иҟалаз аиҿагылара ашьҭахь аҳәаақәа рырџьабара иахылҵыз ауаҩытәыҩса изинқәа реилагара аус азы аднаклаз Қырҭтәыла адгыларатә аӡбамҭа инақәыршәаны, Урыстәыла Қырҭтәылазы 253 миллион евро ашәара ахәҭоуп.
Аӡбарҭа аинформациа ала, Урыстәыла аԥхасҭа рзаанагеит 29000-ҩык ауааԥсыра. Старсбургтәи аӡбарҭа аднаклаз Қырҭтәыла адгыларатә аӡбамҭа инақәыршәаны, Урыстәыла Қырҭтәылазы 253 018 000 евро ашәара ахәҭоуп.
Аӡбарҭа Қырҭтәыла аиҳабыра Урыстәыла ахараԥса анашәо ашьҭахь аԥара ашаразы иеффекту амеханизм аԥҵара рыднаҵеит. Ари амеханизм иабзоураны аааԥсыра 18 мз ирылагӡаны акомпенсациақәа роуроуп.