Страсбургтәи аӡбарҭа апапеиҳабы Гьаргь Мамалаӡе ишшыҧхьыӡ иудыукылартә иҟоуп ҳәа иҧхьанаӡеит
Страсбургтәи аӡбарҭа апапеиҳабы Гьаргь Мамалаӡе ишшыҧхьыӡ иудыукылартә иҟоуп ҳәа иҧхьанаӡеит

Зыӡбахәы ҳәоу аус иадҳәаланы аӡабарҭа иаланарҵәаз аҳәамҭа ишану ала, Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭа ишьақәнаргылеит афбатәи ахәҭаҷ 1 апункт, ҽакала иуҳәозар,  ашаҳаҭгақәа раиура/рхархәара ахәҭаҿы ииашоу аӡбаратә аилыргара азин еилагамызт ҳәа.

Иара убас, аӡбарҭа еицҿакны ишьақәнаргылеит аӡбарҭа аркреи ахарадара апрезумпциеи иазку ахәҭақәа шеилагаз.

Лымкаала, аӡбарҭа апресс-релиз ишану ала,  «Ақырҭуа аӡбарҭа актәи аинстанциа Мамалаӡе иаргументқәа имаҷны ирыхәаҧшит, Мамалаӡе хҭәала аӡбарҭа аркра даҳәон, апапеиҳабы  иаргументқәа инрықәыршәаны, иара данҭарк ашьҭахь аргама иҟаҵаз аҳәамҭақәеи, иара убас,  апрокуратура хада ала акриминалтә усқәа аматериалқәа раргаматәреи амшала,  апапеиҳабы фактла азыӡба иқәырҵаанӡагьы,  ауаажәлар иара ари аус ихароуп ҳәа агәаанагара рызцәырҵит.

Иара убас, апресс-релиз иануп: «Ус ишыҟазгьы, Страсбургтәи аӡбара алахәылацәа ргәаанагарала, аус аилыргара ииашаны имҩаҧган, ҷыдала, ашаҳаҭга хада – ацианид иазкны Мамалаӡе иҟаиҵаз аҳәамҭазы. Ари амаҭәашьар аарҧшын иара Берлинҟа даныҧыруаз абагаж иаиҭаз ачемоданаҿ.  Лымкаала, аӡбарҭа иазханаҵеит Мамалаӡе ибагаж аимдара апроцедура закәанла ишымҩаҧгаз.

Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи Аӡбарҭа Қырҭтәыла анапхгара ирыднаҵеит Мамалаӡе  9 418 лари акомпенсациа изшәара.  Мамалаӡе  376 304 лари акомпенсациа даҳәон.