«Маҟарашвилии егьырҭи рус» азы Страсбургтәи аӡбарҭа ақәҵара —  Адемонстрациаан апарламент аҩналарҭақәа зегьы рыркреи аполициа аусура аҧырхагахареи узқәыӡбаша хымҩаҧгашьас иҧхьаӡазар ауеит
 «Маҟарашвилии егьырҭи рус» азы Страсбургтәи аӡбарҭа ақәҵара —  Адемонстрациаан апарламент аҩналарҭақәа зегьы рыркреи аполициа аусура аҧырхагахареи узқәыӡбаша хымҩаҧгашьас иҧхьаӡазар ауеит

Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи Аӡбарҭа  «Маҟарашвилии егьырҭи Қырҭтәыла иаҿагыланы» аус азы ақәҵара аднакылеит.  Адокумент Страсбургтәи аӡбарҭа аофициалтә саитаҿ икьыҧхьуп.

Гьаргьы Макарашвилии, Иракли Каҷаравеи,  Зураб Берӡенишвилии, Қырҭтәыла иаҿагыланы,  ауаҩытәыҩса изинқәа рзы европатәи Аӡбарҭашҟа ашшыҧхьаӡ аларҵеит дара рзы  аизара ахақәиҭра аҧкреи,  2019шықәса абҵаразы апарламент ахыбра аҧхьа имҩаҧысуаз адемонстрациаан раанкылареи иадҳәаланы.

Дара аҳәынҭқарра ахарарҵеит  Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аконвенциа  6-тәи ахәҭаҷи (ииашоу аӡбаратә аилырагаразы азин)  11-тәи ахәҭаҷи  (аизарақәеи аидҵарақәеи рхақәиҭра) аилагара.

Ишдыру ала,  2019 шықәс аабҵаразы қырҭәтыла апарламент ахыбра имҩаҧысуаз адемонстрациаан, уи алахәылацәа Қырҭәтыла апарламент аҩналарҭақәа зегьы адыркит. Абри анеҩс,  административтә зинеилагаразы аӡбарҭаҿы имҩаҧысуаз аусеилыргараан,   зыӡбахәы ҳәоу ауааҧсыра ҧшьымц инаркны 12мшынӡа ааҭакра рықәырҵеит.

Страсбургтәи аӡбарҭа ақәҵарала, ашшыҧхьыӡ алазҵаз  Макарашвилии Берӡенишвилии рзы Аконвенциа  6-тәии  11-тәии ахәҭаҷқәа еилагамызт. Иара убас, аӡбарҭа ишышьақәнаргылаз ала, Каҷарава изы арҭ ахәҭаҷқәа еилаган. Страсбургтәи аӡбарҭа ақәҵарала, атәыла анапхгара, хымз рыҩныҵҟала  Каҷарава  1600 евро изыршәароуп.

Адокумент аҿы ишазәгаҭоу ала, адемонстрациаан апарламент аҩналарҭақәа зегьы рыркреи аполициа аусура аҧырхагахареи узқәыӡбаша хымҩаҧгашьас иҧхьаӡазар ауеит.

Страсбургтәи аӡбарҭа аихшьаала инақәыршәаны,  Гьаргь  Макарашвилии Зураб Берӡенишвилии административтә ахьырхәра рыҭан  дара адемонстрациа иахьалахәыз азы акәымкәа, аполициа аусзуҩцәа апарламент ахыбрашҟа анеирҭа аадыртырц анырҭахыз азинхьчаҩцәа ирҧырхагааханы амҩа ахьдыркыз азыҳәан.  Амҩақәеи административтә хыбрақәеи аблокада рзура административтә азинеилагароуп. Убри аҟынтә,  зыӡбахәы ҳәоу ауааҧсыра рзы аконвенциа  11тәи ахәҭаҷ еилагамызт.

Каҷарава идҳәаланы Страсбургтәи аӡбарҭаҿы ишырыӡбаз ала, ицәыргаз аматериалқәа рҟынтә иубарҭам иара амитинг аиҿкааҩцәа дышреиуз, апарламент аҩналарҭа аркра дшлахәыз, азинхьчаҩцәа дшырҧырхагаз.  Страсбургтьәи аӡбарҭ аӡбаҩцәа ргәаанагарала, атәыла анапхгара, Каҷарава административтә ахьырхәра иҭаразы иазхашаз ашаҳаҭгақәа цәыррымгеит. Убри аҟынтә, иара изы аконвенциа 11тәи ахәҭаҷ еилаган.