Созар Субарии Дмитри Хундаӡеи, Михаил Ҟавелашвилии, Гурам Маҷарашвилии аҵысра ҿыц "Жәлар рымч" ишьаҭаркит
Созар Субарии Дмитри Хундаӡеи, Михаил Ҟавелашвилии, Гурам Маҷарашвилии аҵысра ҿыц "Жәлар рымч" ишьаҭаркит

Адепутатцәа Созар Субарии Дмитри Хундаӡеи, Михаил Ҟавелашвилии, Гурам Маҷарашвилии аҵысра ҿыц “Ажәлар рымч” ишьаҭаркит.

Адепутатцәа ари иадҳәаланы аҳәамҭа ҟарҵеит.

“Ауааԥсыра аинформациа рымазароуп, атәыла аибашьра аҽалагалара иаҿагыларц азы амобилизациа рзуутәуп. Ари зегьы иазыԥхьагәаҭаны, аҵысра “Жәлар рымч” ашьаҭаркра ҳаӡбеит. Уи хықәкы хадас амазауеит Қырҭтәыла амилаҭтә интересқәа рыхьчаразы ауаажәлар аиаша рырдырра”, – иануп аҳәамҭа аҿы.

Адепутатцәа ишазгәарҭаз ала, иаҭаххар, ауаажәларратә ҵысра аполитикатә партиахь атрансформациа азырур ҟалоит.

“Жәлар рымч” ауаажәларратә ҵысроуп, уи апатриоттә ныррақәа змоу ауааԥсыреи, апарламент алахәылацәеи, сакребуло алахәылацәеи уҳәа уб. егь. иалалоит. Уи хықәкы хадас амазауеит Қырҭтәыла амилаҭтә интересқәа рыхьчаразы ауаажәлар аиаша рырдырра,” – иазгәарҭеит адеуптатцәа.