Аҵысра "Жәлар рымч" арҭбаара иазкны аконсультациақәа мҩаԥнагоит
Аҵысра "Жәлар рымч" арҭбаара иазкны аконсультациақәа мҩаԥнагоит

Аҵысра “Жәлар рымч” арҭбаара иазкны аконсультациақәа мҩаԥнагоит.

“Ҭбилиси Мерриот” аҿы аиԥылара иалагаанӡа аҵысра алахәыла, адепутат Гурам Маҷавариани иҟаиҵаз аҳәамҭала, иахьа ауаажәлар адырра рырҭоит “Жәлар рымч” арҭбаара иакзны.

“Ҳҵысра “Жәлар рымч” аиаша аҳәара ауп хықәкыс амоу, ажәлар ирдыруазароуп атәылаҿ имҩаԥысуа аполитикатә процессқәа ирызкны. Аҭбаара иазкны адырра ҟаҳҵахьан. Иахьа ари азҵаара иазкны аконсультациақәа мҩаԥаагоит. Ари апроцесс наҟ-наҟгьы нагӡахоит”, – иҳәеит Гурам Маҷарашвили.

Аиԥылара рхы аладырхәоит Давид Қарҭвелишвили, Заал Миқелаӡе, Ека Сеԥашвили, Давид Каҷарава, Зураб Қадагиӡе, Виктор Џьаԥариӡе.