"Жәлар рымч" Каҷреҭи аилатәара мҩаԥнагеит
"Жәлар рымч" Каҷреҭи аилатәара мҩаԥнагеит

“Жәлар рымч” алидерцәа ауаажәларратә ҵысра арегионтә хаҭарнакцәа ирԥылеит. Каҷреҭи имҩаԥгаз аиԥыларҿ “Жлар рымч” алидерцәа шықәсыктәи русзура аҳасабырба цәырырган, наҟ-наҟтәи апланқәа ирылацәажәеит аилатәара мҩаԥнагеит.

Аҵысра апрессмаҵзура аинформациала, “Жәлар рымч” алагала дууп Қырҭтәыла аибашьра аҽалагалареи ареволиуциатә мҩала анапхгара рыԥсахреи ҟамларц азы.

“Аиԥылараҿ иазгәаҭан ари “Жәлар рымч” ауааԥсыра ииашоу аинформациа рыҭара иабзоураны шыҟалаз. Аҵысра алидерцәа ишазгәарҭаз, ауаажәларратә ҵысра ари аполитикеи  атәылаҿ иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа иазыԥхьагәаҭаны ахҭысқәа рықәҿыҭра нанагӡоит. Апланқәа ирылоуп апартиа аԥҵара ахцәажәара“, – иануп аҵысра апрессмаҵзура аинформациа аҿы.

Алидерцәа рықәгылара ашьҭахь аиԥылара мҩаԥган азҵаареи-аҭаки рформат аҿы.