Соԥо Џьаԥариӡе - Уаҵәы инаркны Михеил Саакашвили ихьӡ ала алхратә кампаниа ҳалагоит
Соԥо Џьаԥариӡе - Уаҵәы инаркны Михеил Саакашвили ихьӡ ала алхратә кампаниа ҳалагоит

Уаҵәы инаркны Михеил Саакашвили ихьӡ ала алхратә кампаниа ҳалагоит, атәылаа кәакьқәа зегь рахь снеины, Михеил Саакашвили ихьӡала ауааԥсыра сырзыӡырҩуеит, ауаа ирымоу апроблемацыԥхьаӡа иазкны, иуадаҩу аполитикатә напхгараҭара иазку гәаанагарақәа ирызкны еилыскаауеит , – илҳәеит “Амилаҭтә ҵысра” алахәыла Соԥо Џьаԥариӡе аклиника “Вивамед” аҿы.

Џьаԥариӡе лажәақәа рыла, Михеил Саакавшили агәаанагарақәа зегьы дырзыӡырҩырц дыхиоуп.

“Уаҵәы инаркны Михеил Саакашвили ихьӡ ала алхратә кампаниа ҳалагоит, атәылаа кәакьқәа зегь рахь снеины, Михеил Саакашвили ихьӡала ауааԥсыра сырзыӡырҩуеит, ауаа ирымоу апроблемацыԥхьаӡа иазкны, иуадаҩу аполитикатә напхгараҭара иазку гәаанагарақәа ирызкны еилыскаауеит. Ари апроцесс шәаргьы шәхы алашәырхуеит. Аиааира даара иааигәоуп.

Михеил Саакавшили агәаанагарақәа зегьы дырзыӡырҩырц дыхиоуп. Ари даара иҭахуп, избан акәзар аиааиранӡа ҳназго шәара дшәыдгыланы аполитикатә процессқәа рырҿиара дазыхиоуп“, – илҳәеи Соԥо Џьаԥариӡе.