Сынтәа ашкол иҭало ахәыҷқәа ашәҟәы рҭаҩра иалагоит лаҵара 22 рзы, ашәҟәҭаҩра апроцесс нагӡахоит рашәара 17-нӡа.
Қырҭтәыла Аҵареи, аҵарадырреи, аҿар русқәеи рзы аминистрра адыррақәа рыла, ашәҟәҭаҩра мҩаҧысуеит Аҵара ахылаҧшра аинформациатә система аофициалтә вебдаҟьа – registration.emis.ge. аҿы.
Ахәыҷы ашәҟәы иҭаҩра апроцедура мҩаҧыргоит иан, иаб, мамзаргьы, изакәантә хаҭарнак.
„Арегистрациа иахысыз ахәыҷы ашкол дҭаларц азыҳәан иашьашәалоу адокументқәа ашколашҟа инагатәуп рашәара 18 инаркны ҧхынгәы 27-нӡа. Ари аҿҳәара иалагӡаны адокументқәа азымҭаз ахәыҷы ирегистрациа аҧыххоит“, – иануп Қырҭтәыла Аҵареи, аҵарадырреи, аҿар русқәеи рзы аминистрра аинформациаҿы.
Актәи акласс аҭаларазы ицәыргатәуп абарҭ адокументқәа:
- аҵаҩы изакәантә хаҭарнак ирзаҳал, уаҟа иарбазароу азакәантә хаҭарнак дахьынхо аҭыӡҭыҧи иҭел аномери, ихаҭара агәраргага ахкьыҧхьааи. Адокументқәа атәым бызшәала ихарҭәаазар, урҭ ирыцзароуп азакәанла иазҧхьагәаҭоу аҧҟарала инагӡоу ақырҭуа бызшәахьы аиҭага;
- аҵаҩы иира агәраргага, ма, ихаҭара зыршаҳаҭуа адокумент ахкьыҧхьаа.