Словакиа вице-аԥыза ишааицҳаз, Роберт Фицо иԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылам
Словакиа вице-аԥыза ишааицҳаз, Роберт Фицо иԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылам

Словакиа вице-аԥыза Томаш Тараба ишааицҳаз, аԥыза-министр Роберт Фицо иԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылам, – аанацҳаит ВВС.

“Аоперациа қәҿиарала ихыркәшеит. Уажәы иԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылам”, -иҳәеит Тараба.

Иацы Словакиа аԥыза-министр Роберт Фицо дырхәит. Ацәгьоуҩы иаразнак даанкылан.