Словакиа апарламенттә алхрақәа мҩаҧысуеит
Словакиа апарламенттә алхрақәа мҩаҧысуеит

Словакиа апарламенттә алхрақәа мҩаҧысуеит. АИХқәа рдыррақәа рыла,  аконкурентцәа хадоуп ҧасатәи аҧыза-министр Роберт Фико ипартиеи мраҭашәаратә хырхарҭа змоу алибералтә   «Апрогрессивтә Словакиеи».

«Реитер» адыррала, Роберт Фико,  Венгриа еиҧшҵәҟьа, Украина арратә цхыраара аҭара аҟәыҵра дазҿлымҳауп,  иара аиааира игар,  ари ахықәкы анагӡара аиур ауеит.

«Апрогрессивтә  Словакиа» аиаира агар,  атәыла анапхгара Украина ацхраара нарыгӡоит.