Си Ӡинпин аофициалтә визитла Казхасҭан даҭааит
Си Ӡинпин аофициалтә визитла Казхасҭан даҭааит

Китаи жәлар рреспублика анапхгаҩы Си Ӡинпин аофициалтә визитла Казхасҭан даҭааит.

Казхасҭан ахада Касым Жомарт Токаев Асҭана аҳаирбаӷәазаҿы Си Ӡиньпин диԥылеит.

Китаи жәлар рреспублика анапхгаҩы аусеицуразы Шанхаитәи аидгыла анапхгаҩцәа 24-тәи реилатәара ихы алаирхәоит.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Си Ӡинпин Казхасҭантәи иколлега иҟны аиҿцәажәарақәа мҩаԥигоит, аиҿцәажәарақәа рҿы зҵаара хаданы иқәгылоит аҩганктәи аизыҟазаашьақәа, ихадоу ахырхарҭақәа рҿы аусеицура,  арегионалтәи адунеизегьтәи апроблемақәа.