Швециа апарламент адепутат Густав Гетберг - Швециа-қырҭтәылатәи апарламенттә аиҩызаратә гәыҧ Қырҭтәыла апарламент аҟны аимадарақәа зегьы раанкыларазы аӡбара аднакылеит
Швециа апарламент адепутат Густав Гетберг иҳәамҭала, Швециа-қырҭтәылатәи апарламенттә аиҩызаратә гәыҧ Қырҭтәыла апарламент аҟны аимадарақәа зегьы ааанкыларазы аӡбара аднакылеит.
Иара иажәақәа рыла, апарламенттә гәыҧ ақырҭуа жәлар ирыдгылоит.
«Швециа-қырҭтәылатәи апарламенттә аиҩызаратә гәыҧ Қырҭтәыла апарламент аҟны аимадарақәа зегьы раанкыларазы аӡбара аднакылеит. Агәыҧ алахәылацәа закәандарала ахада ҿыц иалхра иақәшаҳаҭым, ҳара Қырҭтәыла аҿыц алхрақәа рымҩаҧгаразы ааҧхьара ҟаҳҵоит. Ҳара ақырҭуа жәлар ҳрыдгылоит», — иҩит Густав Готтберг асоциалтә аҳаҿы.