Шови иҟалаз аҧсабаратә рыцҳара иалаӡыз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит 11ҩык рҟынӡа
Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр Зураб Азарашвили иҳәамҭала, Шови иҟалаз аҧсабаратә рыцҳара иалаӡыз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит 11ҩык рҟынӡа.
Зураб Азарашвили ишиҳәаз ала, Раҷа арыцҳара ду ҟалеит.
«Иҭахаз ауаа руацәа срыдашшылоит, Қырҭтәыла садашшылоит. Арыцҳара аҭыҧаҿ аҭагылазаашьа ахәаҧшра хьанҭоуп. Ари арегионаҿ арыцҳара ду ҟалеит. 11ҩык рыҧсыбаҩқәа аарҧшуп. 25ҩык рыҧшаара иаҿуп. Агежьҧрыгақәа аусура ду мҩаҧыргеит. 210ҩык ишәарҭам аҭыҧашҟа ииагоуп, џьоукы усҟак ихьанҭам аахақәа роуит. Аҭыҧаҿ аус руеит еиуеиҧшым арегионқәа рҟынтә инеиз аҳақьымцәа. Сара излаздыруа ала, иҭахаз рыхәҭак рыхьӡқәа еилкаауп», — иҳәеит аминистр.