Шәача ажәылара иалахәуз аԥырҩы дызҭам аппаратқәак Урыстәла аҵакырахь импыҵахалоу Аԥснынтә иԥыржәеит
Шәача ажәылара иалахәуз аԥырҩы дызҭам аппаратқәак Урыстәла аҵакырахь импыҵахалоу Аԥснынтә иԥыржәеит

Шәача ажәылара иалахәуз аԥырҩы дызҭам аппаратқәак Урыстәыла аҵакырахь импыҵахалоу Аԥснынтә иақәшәеит, – аарыцҳаит урыстәылатәи аихқәа.

Ԥхынгәы 24 рзы, уахынла украинатәи аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа Шәача иажәылеит.  Тасс аинформациа ала, ажәылараан иҭахеит ҩыџьа аҳәса, 11-ҩык ахәрақәа роуит.

Аԥырҩы дызҭам аҳаирпланк аԥҽыхақәа Авиационныи амҩаҟны иҟоу агаражқәа ирылаҳаит. Амцакра ҟалеит, уи иахҟьаны даҽа ԥҳәыск дҭахеит,  даҽаӡәы ахәрақәа лыманы ахәшәтәырҭахь днагоуп.