Шьалуа Папуашвиши - Марта Кос ақырҭуа жәлар ирҭаху лзеилкаауам, атәымуаа зегьы ақырҭуа жәлар рыхьӡала ацәажәара иаҟәыҵроуп, ҳара аӡәгьы уи азин иаҳҭом
«Марта Кос лҳәамҭала, Қырҭтәыла анапхгара ақырҭуа жәлар ирзыӡырҩроуп. Лара ақырҭуа жәлар ирҭаху лыздырӡом, зынӡаскгьы лхахьы илзаагом», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Папуашвили иҳәамҭала, уи ақырҭуа жәлар раҳаҭыр аларҟәроуп, европатәи абиурократиа изну ари амҩа даараӡа ишәарҭоуп.
«Марта Кос лхаҭа дызусҭоу ҳхамшҭроуп, лара лпартиа — ALDE — атеррорист аус ацнауеит. Атеррорист ари апартиа далоуп. Еврокомиссар атеррорист аус ицызуа апартиа далахәуп, убри аҟынтә, илҳәо хшыҩзышьҭра азура ахәҭам. Зҵаарак сазааҭгылар сҭахуп – ақырҭуа жәлар Бриуссель ацәаҳәа ҟаҧшь адырбароуп.
Ишыздыруа ала, Кос лхаҭа ахаангьы Қырҭтәылаҟа дмааицт. Шәамахьтәылеи Бақәеи данцоз ҳтәыла дахыҧрааит, уаҳа акгьы. Марта Кос ақырҭуа жәлар ирҭаху лыздырҭом, лхахьгьы илзаагом. Бриуссельтәи абиурократ ақырҭуа жәлар рнапхгара абас иатәамбакәа, ҳаҭырда рацәажәара анигәаҕьуа, уи ақырҭуа жәлар раҳаҭыр аларҟәроуп иаанаго, ақырҭуа жәлар акгьы иаҧсамзшәа, рхала рнапхгара ралхра азин рымамзшәа. Европатәи абиурократиа изну абри амҩа даараӡа ишәарҭоауп. Сара изныкымкәа уи расҳәахьеит, аха, уезгьы, дара ртәы ҟарҵоит. Убри аҟынтә, иахьа инаркны, ари азҵаара хшыҩзышьҭра ҷыда азызуеит.
Атәымуаа зегьы ақырҭуа жәлар рыхьӡала ацәажәара иаҟәыҵроуп, ҳара аӡәгьы уи азин иаҳҭом», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.