Шьалуа Папуашвили - Зны-зынла џьоукы ахәынаӡарақәа ианрыхцәажәо, уи ахәынаӡарақәа ракәым, ахә ауп иаанаго
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Франциа ахада Еммануель Макрон Украина иазкны иҟиҵаз аҳәамҭа дақәҿиҭит.
Папуашвили иажәақәа рыла, џьоукы ахәынаӡарақәа ианрыхцәажәо, ахәынаӡарақәа ракәым, ахә ауп иаанаго.
“Ари абанер Франциа ахада Еммаунель Макрон иҳәамҭа ақәҩуп. Макрон иажәақәа рыла,Украинеи Урыстәылеи реибашьра ахыркәшаразы Украина аҵакырадгьылқәа рыхәҭа мап рыҵәнакароуп. Уи аҵаҟа Франциа ацҳаражәҳәаҩ лнаскьагаратә ахәылԥаз аҿы иҭыхыз апатреҭ ижәьоит, апатреҭ аҿы ижәбоит аҵыхәтәантәи хышықәса ирылагӡаны Украинеи Урыстәылеи реибашьраҿ Қырҭтәыла аҽалагалара зҭаху атәым тәылақәа рҟынтә афинансркра змоу Қырҭтәыла атәылауаа. Зны-зынла џьоукы ахәынаӡарақәа ианрыхцәажәо, уи ахәынаӡарақәа ракәым, ахә ауп иаанаго.