Шьалуа Папуашвили - Руслан Стефанчук жьҭаара 25 рзы Хорватиа имҩаҧысраны иҟоу  Крымтәи аплатформашҟа ааҧхьара сиҭеит
Шьалуа Папуашвили - Руслан Стефанчук жьҭаара 25 рзы Хорватиа имҩаҧысраны иҟоу  Крымтәи аплатформашҟа ааҧхьара сиҭеит

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили ишиҳәаз ала, Украина Иреиҳаӡоу Рада ахантәаҩы  Руслан Стефанчук  жьҭаара 25 рзы Хорватиа имҩаҧысраны иҟоу  «Крымтәи аплатформа» афорум ашҟа ааҧхьара ииҭеит. Папуашвили ари атәы ааицҳаит Қырҭтәыла Актәи аканал апрограмма «Актуалтә асабша  —  Мака  Цинцаӡе лҟны» аинтервиу анеиҭоз.

Папуашвили иҳәамҭаала, украинатәи аколлегеи иареи аимадара рыбжьоуп.

«Ира убас, украинатә Радаҿ иҟоу Аиҩызаратә гәыҧқәеи ақырҭуа парламенти аимадара ҕәҕәа рыбжьоуп, аинформациа еиҭныҳаҧсахлоит.  Ҳаизыҟазаашьақәа бзиоуп.  Мзызқәак рымшала уадаҩрақәак иҟоуп, аха, Қырҭтәыла, ҳара ҳҭагылазаашьаҿы иҟоу иарбанызаалак даҽа тәылак аасҭа иаҳа иҕәҕәаны Украина иадгылоит», — иҳәеит  Папуашвили.