Шьалуа Папуашвили - Қырҭтәыла анапхгара имҩаԥырго аҭынчратә аполитика, лымкаала аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аҭыԥ змоу ааԥхьарақәа рконтекст аҿы, аекономикатә аҿиара иҳараку атемпқәа рыхьчара алшара ҳнаҭоит
Аекономикатә форум жәибжьтәи адискусиа салахәын, абизнес хатарнакцәа рҟны арегионалтә политикеи аекономикатә азҳареи рҿы анапхгара рроль ҳахцәажәеит, – иҩит асоциалтә ҳа́ҿы Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Папуашвили иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аиҳабыра рзы аекономикатә азҳара амилаҭтә интересқәа иреуп, убри аҟынтә абизнес аҿиаразы алшарақәа рыҭаразы ирылшо зегь ҟарҵоит.
«Қырҭтәыла анапхгара имҩаԥырго аҭынчратә аполитика, лымкаала аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аҭыԥ змоу ааԥхьарақәа рконтекст аҿы, аекономикатә аҿиара иҳараку атемпқәа рыхьчара алшара ҳнаҵоит. Ари аполитика иабзоураны ишьақәгылаз аекономикатә хақәиҭра иадҟьаны, атәыла алҵшәа бзиақә раиура нанагӡоит», — иҩит Папуашвили.