Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Франциа ацҳаражәҳәаҩ Оливие Курто диԥылеит.
Апарламент аинформациала, аиԥылараҿ аганқәа Қырҭтәылеи Франциеи ирыбжьоу аҭоурыхтә аиҩызара иахцәажәеит.
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Франциа ацҳаражәҳәаҩ Қырҭтәыла асуверенитети атериториатә акзаареи рыдгыларазы иҭабуп ҳәа иаиҳәеит.
Аиԥылараҿ аполитикатә ҭагылазаашьеи Қырҭтәыла аҭыԥ змоу ахҭысқәа ирыхәаԥшит. Иаҵшьны иазгәаҭан атәылазы амилаҭтә интересқәа рыхьчара ирымоу аҵакы.